Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа, Ҭырқәтәыла аҳауа аԥхарра 49.5 градус иаҟаран
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа, Ҭырқәтәыла аҳауа аԥхарра 49.5 градус иаҟаран

Ҭырқәтәыла аҳауа аԥхарра 50 градус аҟынӡа инаӡеит, – ааицҳаит атәыла Аекологиеи аурбантә аҿиареи рминистр Меҳмед Ожасек.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, Ҭырқәтәыла аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аҳауа аԥхарра 49.5 градус иаҟаран ақалақь Сариџьакаиаҿ.

“Ҭырқәтәыла аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аҳауа аԥхарра 49.5 градус иаҟаран ақалақь Сариџьакаиаҿ. Аҳауа аԥсахра аҿагыларахь ааԥхьара ҟасҵоит,  ҳахада Реџьеп Таип Ердоӷан аҿиара иаҵәа иазкыз ихазырзара инақәыршәаны, ргәы рҽанызарц “, – ааицҳаит Ожасек.

2021 шықәса ԥхынгәы 20 рзы Ҭырқәтәыла, Сизре ақалақь аҿы арекордтә температура – 49.1 градус иаҩын.