Аҕаиании Хашурии еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Аҕаиании Хашурии еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп, – ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент.
„Жәларбжьаратәи аҵакы змоу автомобилтә мҩа Қарҭ–Сенаки–Леселиӡе иаҵанакәа Аҕаиании Хашурии еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп“,- иануп Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент аинформациаҿы.