Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент - Рикоҭи ацыҧҵәахаҿы аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент адыррала, Рикоҭи ацыҧҵәахаҿы аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп, уаҟа амҩа арыцқьаратә усурақәа хыркәшоуп.
«Рикоҭи 141-тәи ацыҧҵәахаҿы амҩа арыцқьаратә усурақәа хыркәшоуп, атранспорт аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп. Асыҧса амшала аӡәгьы акгьы имыхьит. Асоура ҕәҕәа иадҳәаланы Рикоҭи амҩаду аҿы еиҧҟьарада атехника хьанҭа аус ауеит», — иануп аинформациаҿы.