Хәажәкыра 13 рзы Девдорактәи ахыҵҵырҭаҿы атранспорт аиҭаҵра аамҭала иаанкылахоит
Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент адыррала, хәажәкыра 13 рзы Девдорактәи ахыҵҵырҭаҿы автомобилтә транспорт аиҭаҵра аамҭала иаанкылахоит.
Адырра ишану ала, апрофилактикатә усурақәа рымҩаҧгара амзызла, Девдорактәи ахыҵҵырҭа аиҭаҵра аанкылахоит 2025 шықәса хәажәкыра 13 рзы асааҭ 10:00 инаркны 17:00-нӡа.
Ахыҵҵырҭа аркраан, атранспорттә хархәагақәа еиҭаҵуеит Девдорактәи ахыҵҵырҭахь ицо, амилаҭтә ҵакы змоу амҩала.