Амшцәгьа амшала Қырҭтәыла автомобилтә мҩақәа рцыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьақәыргылоуп
Амшцәгьа амшала Қырҭтәыла автомобилтә мҩақәа рцыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьақәыргылоуп.
Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны аинформациа аланарҵәеит.
Адепартамент адыррақәа рыла, Рикоҭи ахыҵҵырҭаҿ аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп. Асыҧса алеира амшала аӡәгьы акгьы имыхьит.
Адепартамент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, асоура ҕәҕәа иадҳәаланы, Рикоҭи автомобилтә мҩаҿы атехника хьанҭа, еиҧҟьарада, амҩақәа ррыцқьара нанагӡоит.
Уажәазы, асоура ҕәҕәа амшала, ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом абарҭ ацыҧҵәахақәа рҿы:
- Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә мҩа 42-тәи – 180-тәи километр,
- автомҩа Гоми-Сачхере-Ҷиатура-Зесҭафони,
- автомҩа Самтредиа-Ланчхуҭи-Григолеҭи,
- автомобилтә мҩа Сенаки-Ҧуҭ-Сарҧи 48-тәи – 119-тәи километр,
- автомҩа Хашури-Ахалцихе-Вале,
- автомҩа Сачхере (Сареки)-Узунҭа-Шкмери-Зудали,
- автомобилтә мҩа Жәыргьыҭ-Џьвари-Местиа-Ласдили 30-тәи – 184-тәи километр.
Асоура ҕәҕәеи, асыҧса ашәарҭареи, аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьеи рымшала, иарбанзаалак атранспортла аиҭаҵра ҟалом абарҭ ацыҧҵәахақәа рҿы:
- Гудаури (Почта)-Коби ацыҧҵәахаҿы,
- автомобилтә амҩа Кода-Парнаси-Манглиси-ҵалка-Ниноцминда 94-тәи – 110-тәи километр
- автомобилтә мҩа Қәҭешь -Тҟибули-Амбролаури 44-тәи – 46-тәи километр
- автомобилтә мҩа Ничбиси-Дидгори-Диди Тонеҭи, 2-тәи – 28-тәи километр
- автомобилтә мҩа Жәыргьыҭ-Џьвари-Местиа-Ласдили 185-тәи – 192-тәи километр
- автомобилтә мҩа Қәҭешь-Ҵҟалтубо-Цагери-Лентехи-Ласдили 125-тәи – 151-тәи километр.
«Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент еиҧҟьарада амҩақәа ррыцқьара нанагӡоит. Атәыла зехьынџьара ҕәҕәала асы ауеит, убри аҟынтә, хымҧада иаҭахымзар, аныҟәара аҟынтә шәҽаанышәкыларц ҳшәыҳәоит», – иазгәаҭоуп Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент аҳәамҭаҿы.