Гудаури – Коби ацыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент аинформациа инақәыршәаны, жәларбжьаратәи аҵакы змоу Мцхеҭа–Степанҵминда–Ларс автомобилтә мҩа Гудаури-Коби ацыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу автотранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп.
„Аҧсабара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, Млеҭа-Гудаурии, Гудаури–Кобии, Степанҵминда-Ларси амҩатә цыҧҵәахақәа рҿы автотранспорт еиҭаҵуеит иаанымгылакәа. Гудаури–Коби ацыҧҵәахаҿы аиҭаҵра ҟалоит асыҧса аҽацәыхьчаратә хыҵҵырҭақәа мацара рыла. Ацраҳәагақәа змоу автотранспорти M3 акатегориа иаҵанакәа, 22 атәарҭа ҭыҧқәа еиҳаны измоу атранспорттә хархәагақәеи ахыҵҵырҭаҿы еиҭаҵыр рылшоит ганк мацарала“, – иануп Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент аинформациаҿы.