Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ауааҧсыра ирыбжьанагоит  COVID-19 асимптомқәа раан апрепарат Ибупрофен рыдрымкыларц
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ауааҧсыра ирыбжьанагоит  COVID-19 асимптомқәа раан апрепарат Ибупрофен рыдрымкыларц

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ауааҧсыра ирыбжьанагоит  COVID-19 асимптомқәа раан апрепарат Ибупрофен рыдрымкыларц. Мышқәак  раҧхьа абри аҩызаҵәҟьа абжьагара ҟаҵан  Франциа агәабзиарахьчара аминистрра алагьы. Дара ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу апрепарат акоронавирус  ахәышәтәра иаҧырхагахар ауеит.

Агәабзиарахьчара адунеитә аиҿкаара ахаҭарнак Кристиан Линдмаиеир Женева имҩаҧгаз апрессконференциаҿы ишиҳәаз ала, аиҿкаара аекспертцәа, ари азҵаара иадҳәаланы иҵегьы иҟаҵатәу абжьагарақәа  аус рыдулара иаҿуп.

«Аҿыц абжьагарақәа ҟалаанӡа, аҳақьымцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит Ибупрофен ацынхәрас Парацетамол рхы иадырхәарц. Уи аҵакы ду амуоп», — иҳәеит Линдмаиер.