Аӡбарҭа ақәҵарала,  Лазаре Григориадис абаандаҩтәраҿы даанхоит
Аӡбарҭа ақәҵарала,  Лазаре Григориадис абаандаҩтәраҿы даанхоит

Хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи зхарарҵо  Лазареи Григориадис, аҧкратә уснагӡатә ҳасабала,  абаандаҩтәра изаанрыжьит.  Аӡбаҩ  20 000  лари ашас ацынхәрас Григориадис иоужьҭразы адукатцәа иҟарҵаз аҳәара наимгӡеит.

Иахьа Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿ  Лазареи Григориадис иус азы аӡбаранӡатәи аилатәара мҩаҧган. Апроцессаҿ иҟан ахара здуи идгылаҩцәеи.

Аилатәараҿы адукатцәа аҳәара ҟарҵеит Григориадис  ашасы ацынхәрас  доурыжьҭырц, аха, апрокурор  ишиәҳаз ала, Лазаре Григориадис дҭакызароуп.

Аилатәара иалагаанӡа Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуан, уи алахәылацәа  Лазаре Григориадис ихақәиҭтәра иаҳәон.

Азинхьчаҩцәа Лазареи Григориадис дааныркылеит хәажәкыра 29 рзы, иара  хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи ихарарҵоит.  Аусеилыргара адыррақәа рыла, 21 шықәса зхыҵуа  Лазаре Григориадис  акциақәа раан аполициа аусзуҩцәа ахаҳәқәеи Молотов икоктеильқәеи ргәыдиҵон, убри амшала, азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа аахақәа роуит. Иара убас, аусеилыргара адыррала, Григориадис Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амашьына амца ацреиҵеит.