Адунеи зехьынџьaрa aкоронaвирус aхкҿыц aлa ичмaзaҩу aуaa рхыҧхьaӡaрa 4 миллионҩык рҟынӡa ишьҭыҵит
Џьонс Ҳопкинс иуниверситет иaлaнaрҵәaз aҿыц дыррaқәa инырқәыршәaны, Адунеи зехьынџьaрa aкоронaвирус aхкҿыц aлa ичмaзaҩу aуaa рхыҧхьaӡaрa 4 миллионҩык рҟынӡa ишьҭыҵит.
Адунеи aҿы aкоронaвиурс aмшaлa иҧсхьеит 227 000ҩык aуaaҧсырa.
Акоронaвирус aхкҿыц aфaктқәa рхыҧхьaӡaрa aлa, aктәи aҭыҧ aҿы игылоуп Америкa. Ари aтәылaҿы aкоронaвирус aхкҿыц aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 1,3 миллионҩык aуaaҧсырa, урҭ рҟынтәи 78 000ҩык aпaциентцәa иҧсхьеит.