Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Давид Залкалиани швеицариатәи амедиаторцәа рҟны, урыстәылатәи апрограммаҿы ақырҭуа бираҟ аҳаҭыр аларҟәра ҕәҕәала дақәыӡбит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Давид Залкалиани швеицариатәи амедиаторцәа рҟны, урыстәылатәи апрограммаҿы ақырҭуа бираҟ аҳаҭыр аларҟәра ҕәҕәала дақәыӡбит

Авице-аҧыза, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани  визитла Қырҭтәыла иаҭааиз, Урыстәыла иҟоу Швеицариа ацҳаражәҳәаҩ  Кристина  Марти Ланг дылҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара Швеицариа абжьацәажәара иадҳәалоу азҵаарақәеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьеи, абарҭ арегионқәа рҿы Урыстәыла азакәандаратә ауранагӡареи иалацәажәеит.

Давид Залкалиани швеицариатәи амедиаторцәа рҟны, Урыстәыла аҳәынҭқарратә телеканалқәа руакы адырраҭараҿы  ақырҭуа бираҟ аҳаҭыр аларҟәра ҕәҕәала дақәыӡбит. Иара ишиҳәаз ала, абри афакт алагьы иубарҭоуп Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы адеструктивтә политика шымҩаҧнаго.

2009 шықәса инаркны, Швеицариа, Урыстәылатәи афедерациаҿы Қырҭтәыла иахаҭарнакуп.