Адипломатиатә корпус  - Атәылауаҩратә активистцәеи, ауаажәларра алахәылацәеи, ажурналистцәеи   гәымбылџьбарала рықәлареи, иара убас, аиҳабыреи адоуҳатә хаҿқәеи рыла амчылара ақәҿымҭреи ҳақәыӡбоит
Адипломатиатә корпус  - Атәылауаҩратә активистцәеи, ауаажәларра алахәылацәеи, ажурналистцәеи   гәымбылџьбарала рықәлареи, иара убас, аиҳабыреи адоуҳатә хаҿқәеи рыла амчылара ақәҿымҭреи ҳақәыӡбоит

Адипломатиатә корпус  – Атәылауаҩратә активистцәеи, ауаажәларра алахәылацәеи, ажурналистцәеи   гәымбылџьбарала рықәлареи, иара убас, аиҳабыреи адоуҳатә хаҿқәеи рыла амчылара ақәҿымҭреи ҳақәыӡбоит

 

Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит. Асоциалтә аҳаҿы аҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.

«Қырҭтәыла аус зуа Австриеи, Болгариеи, Естониеи,  Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиеи, Финлиандиеи, Франциеи, Германтәылеи, Бырзентәылеи, Ирландиеи, Израили, Италиеи, Латвиеи, Лиетувеи, Нидерланди, Норвегиеи, Испаниеи, Швециеи, Британиеи рыцҳаражәҳәарҭақәеи, Қырҭтәыла иҟоу ЕАР асистемеи,  Америка ацҳаражәҳәарҭеи,  Евроеидгыла ахаҭарнакреи Қарҭ иҟалаз амчылара иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Атәылауаҩратә активистцәеи, ауаажәларра алахәылацәеи, ажурналистцәеи   гәымбылџьбарала рықәлареи, иара убас, аиҳабыреи адоуҳатә хаҿқәеи рыла амчылара ақәҿымҭреи ҳақәыӡбоит. Аҭынчратә аизарақәа рымҩаҧгара азин арбоуп Қырҭтәыла Аконституциаҿы. Амчылара ҟамлароуп, уи арқьиара ҟалом.  Амч зхы иазызхәо, мамзаргьы амчылара ала иқәмақаруа, ма ақырҭуа азинхьчаратә органқәа ишәарҭам аҭынчратә лагылазаара аиқәыршәараҿы ирҧырхагоу ауаа зегьы азакәан аиҳаӡара апринципқәа инрықәыршәаны аҭакҧхықәра наӡа рыдҵатәуп. Ҳара Қырҭтәыла алидерцәеи азакәанхьчаратә органқәеи рахь  ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаҧганы, аизареи агәаанагара аарҧшреи азы аконституциатә зин змоу  ауааҧсыреи  зхы иақәиҭу апресса апринципқәа рышьаҭала аус зуа ажурналистцәеи рыхьчарц, амчылара аргама иақәыӡбарц», — иануп аҳәамҭаҿы.

https://www.facebook.com/usingeo/posts/10159326846477954