27 ацҳаражәҳәарҭақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә миссиақәак рроли русушьеи иадҳәаланы аларҵәара зауз имцырку, шьаҭак зҵам аинформациа иааҧҵәаны мап ацәаҳуеит, адезинформациа ауаажәларра мҩахнаҟьоит 
27 ацҳаражәҳәарҭақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә миссиақәак рроли русушьеи иадҳәаланы аларҵәара зауз имцырку, шьаҭак зҵам аинформациа иааҧҵәаны мап ацәаҳуеит, адезинформациа ауаажәларра мҩахнаҟьоит 

«Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә миссиақәак рроли русушьеи иадҳәаланы аларҵәара зауз имцырку, шьаҭак зҵам аинформациа иааҧҵәаны мап ацәаҳуеит», — Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра ари аҳәамҭа аланарҵәеит Австриеи, Бельгиеи, Болгариеи, Хорватиеи, Чехиеи, Кипри, Даниеи, Естониеи, Евроеидгылеи, Финлиандии, Франциеи, Германтәылеи, Бырзентәылеи, Ирландиеи, Италиеи, Латвиеи, Литвеи, Лиуқсембурги, Нидерланди, Норвегиеи, Польшеи, Португалиеи, Румыниеи, Словениеи, Испаниеи, Швециеи, Британиа Дуи рыхьӡала.

Аҳәамҭа ишану ала,  адезинформациа ауаажәларра мҩахнаҟьоит, адипломатиатә миссиақәа рыҧхықәрақәа рынагӡараҿы ирҧырхагоуп.

 «Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә миссиақәак рроли русушьеи иадҳәаланы аларҵәара зауз имцырку, шьаҭак зҵам аинформациа иааҧҵәаны мап ацәаҳуеит. Абри аҩыза  адезинформациа ауаажәларра мҩахнаҟьоит, ҳдипломатиатә миссиақәа рыҧхықәрақәа рынагӡараҿы ирҧырхагоуп.

Аиҳабыреи, аоппозициеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, баша атәылауааи рҧылареи рацәажәареи – адипломатцәа рзы абжьааҧнытә аусуратә процессуп, уи Венатәи аконвенциа иашьашәалоуп. Ҳара, иарбанзаалак аконкреттә политикатә партиак ҳадгылом, ҳара амчылареи аекстремизми ҳадгылоушәа аҳәара ииашам. Иҵабыргны, ҳара алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара мап ацәыркырц, уи иақәыӡбарц.

Аполитикатә лидерцәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аимак зхылҵыр зылшо ариторика мап ацәыркырц, аибарххара армаҷра рҽазыркырц», — иануп аҳәамҭаҿы.