Adidas анашьҭаргыланы,  Puma-гьы Урыстәыла иалҵит
Adidas анашьҭаргыланы,  Puma-гьы Урыстәыла иалҵит

Украинаҿ уажәгьы инагӡо урыстәылатәи агрессиа амшала, анемец еилахәыра Puma анапхгара Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы рдәқәанқәа зегьы рыркразы аӡбара рыдыркылеит.

Иара убас, Puma аӡбара рыдыркылеит урыстәылатәи Амҵәышәампылтә федерациа аҟны аилаӡара аанкылареи атәылашҟа аалыҵ анагара аҟәыҵреи иазкны.

Убри адагьы,  Украина ацхраара амзызла, Puma иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит   аилахәыра аусзуҩцәеи рҭаацәарақәеи Украина мраҭашәаратә ахәҭаҿы хәыҧсада анхарҭақәа рыла реиқәыршәаразы.

Puma иадҳәалоу агәыҳалалратә аиҿкаарақәа Украина аҧарала иацхраауеит, ауааҧсыра афатәаалыҵ рыздәықәырҵоит.

Уаанӡа урыстәылатәи ашьапылампылтә аиза аҟны аилаӡара ааннакылеит анемец бренд  «Адидас».