ЕАР – Урыстәылатәи агрессиа амшала Украина иҭахеит  5996ҩык аҭынчуаа
ЕАР – Урыстәылатәи агрессиа амшала Украина иҭахеит  5996ҩык аҭынчуаа

ЕАР адыррақәа рыла,  Урыстәылатәи агрессиа амшала Украина иҭахеит  5996ҩык аҭынчуаа,  урҭ рҟынтә  382ҩык ахәыҷқәа роуп. Ари атәы аалыцҳаит Украина иҟоу Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Амониторингтә миссиа анапхгаҩы  Матильда Богнер.

Богнер лажәақәа рыла, амиссиа алахәылацәа аус руеит Украина  6 локациак рҿы,  дара есымша аҭыҧантәиа уааҧсыра рҟны аимадара рымоуп.

Богнер лажәақәа рыла,  урыстәылатәи ажәылара амшала аҧхасҭа роуит ма иқәхуп 252 амедицинатәи  415 аҵаратәи усбарҭақәа.