«Адемократцәа»,   «ареспубликанцәа»  Конгресс аҿы аиҳара роуаанӡа,  Украина 50 миллиард адоллар ацхыраара азоурыжьҭыр рҭахуп
«Адемократцәа»,   «ареспубликанцәа»  Конгресс аҿы аиҳара роуаанӡа,  Украина 50 миллиард адоллар ацхыраара азоурыжьҭыр рҭахуп

«Ареспубликанцәа» Аконгресс аҿы аиҳара роур рҭахуп, аха, уаанӡа, Украина  50 миллиард адоллар ацхыраара азоушьҭра ргәы иҭоуп. Ари аинфомациа аланарҵәеит  NBC.

NBC адыррала, украинаа ари аҧара ашықәс анҵәамҭанӡа ирызхоит.

Адемократцәеи ареспубликанцәеи  Конгресс ашҟа абжьаратә алхарақәа рышьҭахь арратә цхырааразы аҳәынҭқарратә финансыркра иазку азакәан адкылара алшара иахәаҧшуеит.

Америка наҟ-наҟ Украина ишацхрааша иадҳәаланы  «ареспубликанцәа» рҳәатәы еиқәшәом. АИХ адыррақәа рыла,  «атрадициатә республиканцәа» ргәаанагарала, Америка ҳаҧхьаҟагьы Украина иацхраароуп. Аха, Дональд Трамп идгылаҩцәа ишырҳәаз ала, ари аҧара Америка аекономика арҕәҕәара иахҭнырҵароуп.