Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 90-ҩык иреиҳауп
Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 90-ҩык иреиҳауп

Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан жәақалақьк аԥхасҭа роуит.

Сулеиман Соилу ишааицҳаз, урҭ иреиуоуп Газианҭеԥ, Ҳатаи, Адана, Диарбақир, Килис. Ақалақь Малаҭиаҿ иҭахеит 23-ҩык, ахәрақәа роуит 42-ҩык.

Шьамтәыла аҳәаа ааигәара иҟоу ақалақь Газианҭеԥ аҟны иҟан.

ВВС аинформациа ала, адгьылҵысраан Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҭахаз рхыԥхьаӡара 90-ҩык иреиҳауп. ырқәтәылатәи асеисмологцәа ишаарыцҳаз, адгьылҵысра амч 7.4 амагнитуда иаҟаран, ЕАШ агеологиатә маҵзура аинформациала – 7.8 амагнитуда.

Адгьылҵысраан хыбрақәак еилаҳаит. Ақалақь Диарбақир аҿы еилаҳаит ахәаахәҭратә центр ахыбра.