Абиуро аилатәараҿы Амилаҭтә шәарҭадара ахеилаки уи аппарати раҧыхра иазку азакәанқәа рпакет цәырган
Абиуро иахьатәи аилатәараҿы Амилаҭтә шәарҭадара ахеилаки уи аппарати раҧыхра иазку азакәанқәа рпакет цәырган.
Азакәанпроект ишану ала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак иаҧыххоит 2025 шықәса цәыббра 1 инаркны.
Иара убас, апроект ишану ала, «Амилаҭтә шәарҭадара аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи аҧҟарақәа ирызку» азакәан ианырхуеит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилаки уи аппарати аилазаашьеи, азинмчқәеи, аусушьеи ҳәаақәызҵо анормақәа зегьы.
Апарламент аҿы арҭ ариашарақәа ирласу аҧҟарала ирыхәаҧшраны иҟоуп.