51ҩык аоппозициатә депутатцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рҟны аусеицура афактқәа рыҭҵааразы  аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит
51ҩык аоппозициатә депутатцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рҟны аусеицура афактқәа рыҭҵааразы  аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит

51ҩык аоппозициатә депутатцәа апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит, дара ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу комиссиа  «2016-2017  шықәсқәа рзгьы, уи ашьҭахьгьы   Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Урыстәыла амаҵзура ҷыдақәа рҟны маӡала иааҧмырҟьақәа русеицура афактқәа ҭырҵаароуп».

Иашьашәалоу арезолиуциа апроект цәырыргоит апарламент абиуро уаҵәтәи аилатәараҿы.

Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иазку арзаҳал рнапы аҵарҩит  апартиақәа  «Лело», «Амилаҭтә ҵысра», «Аҕмашенебели истратегиа», «Гирчи»,  «Қырҭтәыла адгыларазы» ахаҭарнакцәа.

Арегламент инақәыршәаны, аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкааразы  50ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахуп.