27 израильтәи ақалақьқәа рхадацәа атәыла аиҳабыра зымҩаҧгара ргәы иҭоу аӡбаратә реформа иадҳәаланы амлашьра иалагоит
 27 израильтәи ақалақьқәа рхадацәа атәыла аиҳабыра зымҩаҧгара ргәы иҭоу аӡбаратә реформа иадҳәаланы амлашьра иалагоит

 27 израильтәи ақалақьқәа рхадацәа амлашьра иалагоит. Амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәа атәыла аиҳабыра зымҩаҧгара ргәы иҭоу аӡбаратә реформа иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.

Амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  уаҵәы амлашьра иалагоит.

«Ҳара, аҭыҧантәи анапхгаратә органқәа рхадацәа, уаҵәы шьыжьымҭан, Иерусалим, аҧыза-министр   иусмҩаҧгарҭа ахыбра аҧхьа амлашьра ҳалагоит. Ҳара  акризис дуи Израль иҟалар зылшо акатастрофа дуи аҵыхәҧҵәареи, атәыла ашәарҭадареи акзаареи  ахьчареи ҳаҳәоит», —  иануп дара еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Израиль ауааҧсыра ареформа ҿыц иаҿагыланы апротест ҟарҵоит. Зыӡбахәы ҳәоу ареформа инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа атәыла аиҳабыра ирыдыркыло азакәанқәа раанкылара азин аиуам. Иара убас, азакәанҧҵаҩцәа аӡбаҩцәа рықәыргылараан ахадаратә бжьы рымазаауеит.