13 ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Михаил Ҟавелашвили агәраргагатә аҳаҭыршәҟәқәа ирҭеит
 13 ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Михаил Ҟавелашвили агәраргагатә аҳаҭыршәҟәқәа ирҭеит

 

Орбелианиаа рханаҿ Қырҭтәыла ахада агәраргагатә аҳаҭыршәҟәқәа иҭара ацеремониа мҩаҧган. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада иадминистрациа.

Қырҭтәыла ахада агәраргагатә аҳаҭыршәҟәқәа ирҭеит Бельгиеи, Лиуқсембурги, Филлипини, Камбоџьеи, Кипри, Малаизиеи, Пакистани, Сомали, Бурунди, Гватемалеи, Мали, Кореиеи, Таџьикистани  рыцҳаражәҳәаҩцәа.

«Атәыла ахада адипломатцәа  атәылақәа рыбжьара аганрацәалатә усеицура арҭбаара иазкны драцәажәан, русураҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла ахада иадминистрациа аиҳабы Қеҭеван Квиникаӡеи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвилии», — иануп аинформациаҿы.