Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атураҿ аҳәаанырцә абжьыҭира рхы аладырхәит  1,7 миллионҩык иреиҳаны алхыҩцәа
Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атураҿ аҳәаанырцә абжьыҭира рхы аладырхәит  1,7 миллионҩык иреиҳаны алхыҩцәа

Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атураҿ аҳәаанырцә абжьыҭира рхы аладырхәит  1,7 миллионҩык иреиҳаны алхыҩцәа, – ари аинформациа аланарҵәеит Ҭырқәтәыла Иреиҳаӡоу алхратә хеилак.

Аҳәаанырцә иҟоу Ҭырқәтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи агәаҭара-аужьҭратә пунктқәеи рҿы абжьыҭира апроцесс иалагеит лаҵара  20 рзы.

Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур атәылаҿы мҩаҧысуеит лаҵара  28 рзы.  Аҩбатәи атураҿ ахада иҭыҧ иазықәҧоит  Ҭырқәтәыла уажәтәи ахада Реџьеп Таип  Эрдоҕани аоппозициатә кандидат  Кемаль Кылычдар-оҕлуи.