Ҭинаҭин Берӡенишвили Гьаргь Каландаришвили иҟны аиԥылара мҩаԥылгеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили Гьаргь Каландаришвили иҟны аиԥылара мҩаԥылгеит

Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили иҟны аиԥылара мҩаԥылгеит. Иара убас аиԥылара ихы алаирхәит Актәи аканал ажәабжь ҿыцқәа рблок анапхгаҩы Гьаргь Гвимраӡе.

Аусуратә аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан алхыҩцәа рырдырра. Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ауаажәларратә дырраҭара ахаҭарнакцәа 2024 шықәса жьҭааразы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа иазкны алхратә администрациаҿ имҩаԥгаз ареформақәа ирызкны адырра риҭеит.

Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили лажәақәа рыла, 2024 шықәса жьҭааразы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа рзы алхратә системаҿ имҩаԥысран иҟоу аԥсахрақәа иазкны ауааԥсыра аинформациа рыҭара аҵак ҷыда амоуп.

“Аҵак ду змаз аиԥыларан. 2024 шықәсазы, ареформа ашьҭахь алхрақәа даҽакала мҩаԥгахоит. Ауааԥсыра ирдыруазароуп алхрақәа рҽалархәра аҵаы ҿыцқәа. Ауаажәларратә дырраҭара иауалуп адемократиатә процесс адгылара“, – илҳәеит Берӡенишвили.