“Ҭелмико” ала ауааҧсыра ирхыҧхьаӡалоу аҧара аиашареи азакәанреи аҭҵаара апроцесс  аҽаланархәоит Афинансқәа рминистрра аусеилыргаратә маҵзура
“Ҭелмико” ала ауааҧсыра ирхыҧхьаӡалоу аҧара аиашареи азакәанреи аҭҵаара апроцесс  аҽаланархәоит Афинансқәа рминистрра аусеилыргаратә маҵзура

Аҭагылазаашьа цқьа аилкааразы, аӡбара сыдыскылан, Лаша Хуцишвили идысҵар сҭахуп  “Ҭелмико” ала ауааҧсыра ирхыҧхьаӡалоу аҧара аиашареи азакәанреи аҭҵаара апроцесс аҿы Афинансқәа рминистрра аусеилыргаратә маҵзура алахәызаара еиқәиршәарц , – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

“Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧысуа аинформациатә кампаниа сацклаҧшуеит, ауаа ргәынамӡара саҳауеит, ари азҵаара иаргәамҵуеит, ари азҵаара акоммуналтә шәахтәқәа рыҧхьаӡара иадҳәалоуп. Ибзианы ижәдыруеит аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы ҳуааҧсыра иахәҭоу иҵаҵгәырку аҭак шырмоуз, ироуз аҭак цқьа иҵаҵгәыркымызт, иацҵаны аспекулиациазы ашьаҭа аҧнаҵоит. Аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи арегулиациатә амилаҭтә комиссиа ари азҵаара аҭҵаара ишалагаз здыруеит, дара ишаарыцҳаз ала, акомиссиа алахәылацәа аҭыҧаҿы “Ҭелмикои” “Ҭеласи” рыҧхьаӡагақәа рсистема аҭҵаара иаҿуп, аха, аҭагылазаашьа цқьа аилкааразы, аӡбара сыдыскылан, Лаша Хуцишвили идысҵар сҭахуп  “Ҭелмико” ала ауааҧсыра ирхыҧхьаӡалоу аҧара аиашареи азакәанреи аҭҵаара апроцесс аҿы Афинансқәа рминистрра аусеилыргаратә маҵзура алахәызаара еиқәыршәаны, хара имгакәа агәаҭарақәа рылҵшәақәа сызцәыригарц. Ҳара цқьа игәаҳҭароуп ари азҵаараҿы азинеилагарак иҟазар, атехникатә ҟазшьа змоу агхақәа иҟазар ауеит,  аҭагылазаашьа зеиҧшроу цқьа исыздырӡом, ҳара ирласӡаны ауааҧсыра аҭак раҳҭароуп. Аҭак иҵаҵгәыркызароуп. Аилагара аадмырҧшыр, ҳәарада, уи даараӡа ибзиахоит, аха, изакәызаалак агхак аадырҧшыр, ҳара ари афакт ақәҿыҭра ҕәҕәа аҳҭоит.  Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу Лаша, ари азҵаара шәыхшыҩ азышәшьҭыр сҭахуп”, – иҳәеит аҧыза-министр.