Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ауаажәлар Аҧсуа бызшәа амш рыдылныҳәалеит
Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ауаажәлар Аҧсуа бызшәа амш рыдылныҳәалеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, ҷыдала, импыҵахалоу Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра  Аҧсуа бызшәа амш рыдылныҳәалеит.

Аҧсуа бызшәа, Қырҭтәыла абызшәатә ҭынха иузалымхуа ахәҭа аҳасабала, Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп.

«Аҧса бызшәеи, иара убас,  аҧсуа амилаҭтә ҷыдарақәеи атрадициақәеи, иаҳзеиҧшу акультуреи аҭоурыхи аҳасабала, ақырҭуа-аҧсуа аҭоурыхтә акзаара аанарҧшуеит. Уажәгьы инагӡо ампыҵахалара амшала, аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара ашәарҭара иҭагылоуп.  Ақырҭуеи аҧсуеи уаажәларра ари апроблема ҷыдала иаргәамҵуеит.  Убри азоуп азеиҧш интересқәа рышьаҭала аҭынчратә аҧеиҧш аҧҵара иазку аҽазышәарақәа аҵакы ҷыда зрымоу. Қырҭтәыла аиҳабыра аҧсуа бызшәа ахьчареи аҿиареи ҷыдала иазҿлымҳауп“, — иануп аҳәынҭқарратә министр лаппарат аҳәамҭаҿы.