Ҭеа Ахвледиани аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи адеокупациеи азҵаарақәа рзы аамҭалатәи акомиссиа аилатәараҿы ажәахә ҟалҵеит
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи адеокупациеи азҵаарақәа рзы аамҭалатәи акомиссиа аилатәараҿы ажәахә ҟалҵеит.
Иарку аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы аҳәынҭқарратә министр аҳәынҭқарратә политика апринципқәеи аҭынчрачаҧаратә процессаҿ иҟоу аинициатива ҿыцқәеи дрылацәажәеит, иара убас, акомиссиа алахәылацәа рызҵаарақәа аҭак рылҭеит.
«Ажәахә аҿы хшыҩзышьҭра рызун аҧыжәара змоу 2 хырхарҭак. Ганкахьала, аҭынчрачаҧаратә процесс аҿы аҿар рроль аизырҳареи, ҳара ҳзыдгыло аинициативақәа рҿы рылахәызаареи аҵакы. Егьи аганахьала, хазы ҳалацәажәеит 1990-тәи ашықәсқәеи 2008 шықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи реибашьреи аан хабарӡа иӡыз ауаа рыҧшаара апрограмма, Қырҭтәыла ари апрограмма нанагӡоит Аџьар Ҟаҧшь анапхгарала», — илҳәеит Ҭеа Ахвледиани.