Апарламент аҿы Ҭеа Ахвледиани илзыӡырҩит 
Апарламент аҿы Ҭеа Ахвледиани илзыӡырҩит 

Аиналареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани  аҵакырадгьылтә акзаареи адеокупациеи азҵаарақәа рзы аамҭалатәи акомиссиеи  аекономикеи аекономикатә политикеи рзы акомитети еицымҩаҧыргаз аилатәараҿы илзыӡырҩит.

Ашәқәа ркны имҩаҧгаз аилатәараҿы аҳәынҭқарратә министр адепутатцәа ирзеиҭалҳәеит  аинаалара иазку аҳәынҭқарратә политикеи аҭынчратә инициативеи шымҩаҧысуа иазкны.

Ҭеа Ахвледиани адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак рылҭеит.

«Иахьатәи аилатәараҿы ҳара  аинаалара аполитика иахылҵыз алҵшәақәеи ҳаҧхьаҟа аҭынчратә инициативақәа рырҿиаразы иҟоу алшарақәеи  ҳрылацәажәеит.  Қырҭтәыла арегионқәа иахьагьы Урыстәыла ала импыҵахаланы ишыҟоугьы, аинаалара аполитика алҵшәа бзиа ахылҵит.  Араҟа иаҵшьны иазгәаҭатәуп хшыҩзышьҭра ҷыда шамаз астатус-неитралтә механизмқәа русура, Аҭынчра афонд аусурагьы уахь иналаҵаны, уи ҳполитикаҿы ауникалтә механизмоуп ҳәа иҧхьаӡоуп», — илҳәеит Ҭеа Ахвледиани.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр иаппарат.