Ҭеа Ахвледиани Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар диҧылеит
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар Маикл О’Флаерти диҧылеит.
Аҳәынҭқарратә министр Европа Ахеилак акомиссар инарҭбааны изеиҭалҳәеит Қырҭтәыла имыҵахалоу аҵакырадгыьлқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Анеҩс, иаҵшьны иазгәалҭеит аимакқәа аимакқәа рҭыҧқәҵара апроцесс аҿы Европа Ахеилак инанагӡо ароль ду.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар ишазгәеиҭаз ала, иара импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыла азиуеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә министр лаппарат.