Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Аҧсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Аҧсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит

 

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, ҷыдала, импыҵахалоу Аҧсны иқәынхо аҧсуаа,  Аҧсуа бызшәа амш рыднаҳәалеит.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат аҳәамҭа ишану ала, аҧсуа бызшәеи,  атрадициақәеи, аҷыдаҟазшьареи Қырҭтәыла ауникалтә культуратә қәыҧшылараҿы акрызҵазкәа аҭыҧ ааныркылоит, ақырҭуа-аҧсуа аҭоурыхтә акзаара иасимволуп.

«Азакәандаратә ампыҵахалареи арусификациа аполитика амҩаҧгареи амшала, Аҧсны арегионаҿ аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара ашәарҭара иҭагылеит. Абри аҩыза алабҿабараҿы,  аҧсуа бызшәа ахьчареи аҿиареи азыҳәан, иаҳзеиҧшу аинтересқәа рышьаҭала аусеицура аҵакы ҷыда аиуит. Ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Аконституциала ихьчоуп, Қырҭтәыла анапхгара ари абызшәа ахьчареи, аҭҵаареи, аӡыргареи аҵакы ду анаршьоит. Иара убас, аҧсуа бызшәа, аҭынчратә политика амҩаҧгаразы зҵакы дуу афакторқәа иреиуп иаку Қырҭтәыла аҳәаақәа ирҭагӡаны агәреибагареи акультуратә аимадарақәеи рышьаҭала ҭынч аицынхаразы», — иануп аҳәамҭаҿы.