Аҧсуа бызшәа амш инамаданы,  Ҭеа Ахвледиани Аҷара иҟоу Ҧериа ақыҭа даҭааит
Аҧсуа бызшәа амш инамаданы,  Ҭеа Ахвледиани Аҷара иҟоу Ҧериа ақыҭа даҭааит

Аҧсуа бызшәа амш инамаданы,   аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани Аҷара  аҧсуа амҳаџьырцәа ахьынхо  Ҧериа ақыҭа даҭааит.

Аҳәынҭқарратә министр ақыҭауаа дырҧыланы, Аҧсуа бызшәа амш рыдылныҳәалеит.

Ҭеа Ахвледиани аҧсуа бызшәа ахьчареи аӡыргареи аҵакы далацәажәан, ишылҳәаз ала, уажәы аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара ашәарҭара иҭагылоуп. Лара ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аҧсуа бызшәа аҵареи аӡыргареи азы  ҭабуп ҳәа ралҳәеит.