Ҭеа Ахвледиани – Қырҭтәыла аиҳабыра  иреиҳаӡоу аҩаӡараҿ ишиашоу адиалог шазыхиоу изныкымкуа аанарԥшхьеит
Ҭеа Ахвледиани – Қырҭтәыла аиҳабыра  иреиҳаӡоу аҩаӡараҿ ишиашоу адиалог шазыхиоу изныкымкуа аанарԥшхьеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла анапхгара имҩаԥнаго аҭынчратә политика дахцәажәеит  апарламент аҿы атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи адеоккупациеи рызҵаарақәа рзы иаԥҵоу аамҭалаәи акомиссиеи, аусхктә економикеи аекономикатәи аполитикеи ркомитетқәа реилатәараҿ.

«Аҭынчратә аԥшьгара «Ашьаҿа еиӷьу аԥеиԥш азы» шьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла аиҳабыра  ауааԥсыра ринтересқәа ирызԥхьагәаҭаны, аԥсуааи ауаԥсааи рҟны ишиашоу адиалог арҭбаара шазыхиоу. Ари аԥшьгара ауаажәларратә диалоги аусеицуреи рзы ихырҳагоу ақәыԥшылара аԥнаҵоит. Апандемиаан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аԥышәара ду ҳауит. 2020 шықәсазы имҩаԥгаз иманшәалоу адиалог алҵшәақәа иубарҭоуп 1000-ҩык иреиҳаны астудентҵәеи аҵаҩцәеи, рҭаацәарақәеи ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл ахь риагарала,» – илҳәеит аҳәынҭминистр