Ҭеа Ахвледиани Молдова вице-аԥыза диԥылеит
Ҭеа Ахвледиани Молдова вице-аԥыза диԥылеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ҩымштәи аусуратә визитла иҟоу Ареинтеграциа азҵаарақәа рзы Молдова вице-аԥыза,  Олег Серебриан диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа иазгәарҭеит аҳәынҭминистр иаппарати Молдоватәи ареспублика ареинтеграциазы абиурои рыбжьара апартниортә еизыҟазаашьақәа рырҭааба аҵакы.

Иара убас аиԥылараҿ иазгәаҭан Украина иаҿагыланы Урыстәыла арратә агрессиеи ицо аибашьреи ирыхҟьаны арегион аҟны ицәырҵыз ааԥзьара цәгьақәеи, урҭ арегион ашәарҭадареи жәларбжьаратәи анормақәа шьаҭас измоу аиҿкаашьеи рнырреи.

Иаҵшьны иазгәаҭан аимак аҭынч мҩала аҭыԥқәҵара апроцесс аҿы Қырҭтәылеи Молдовеи рыбжьара аусеицуреи аԥышәа аиҭныԥсахлареи аҵак ду шрымоу.