Ҭеа Ахвледиани Аладатәи Кавказ аҿы Аусеицуери ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахаҭарнак диԥылеит
Ҭеа Ахвледиани Аладатәи Кавказ аҿы Аусеицуери ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахаҭарнак диԥылеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭеа Ахвледиани Аладатәи Кавказ аҿы Аусеицуери ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахаҭарнак Виорел Мошану диԥылеит. Аминистр лаппарат апрессмаҵзура аинформациа ала, Ҭеа Ахвледиани аиԥылараҿ иаҵшьны иазгәалҭеит аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵараа процесс аҿы Аусеицуери ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара  ароли активтә аҽалархәреи аҵак ду шамоу.

„Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Аинцидентқәа раԥыҟәҟәаареи рзхьаԥшреи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Ергнеҭи имҩаԥысыз 114-тәи аиԥылара алҵшәақәа.

Аганқәа иахцәажәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵкы.

Аусеицуери ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахаҭарнак ҷыда Қырҭтәы́ла аиҳабыра русзура ахәшьара бзиа аиҭан, аҭынчратә процесс адгылара ааирԥит. Аганқәа иашьҭанеиуа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит”, – иануп апрессрелиз аҿы.