Ҭеа Ахвледиани  ақырҭуеи аҧсуеи специалистцәа идырмазеиз  архивтә ҭыжьымҭақәеи  асахьаркыра-документалтә фильмқәеи рӡыргара иазку ауснагӡатә аалыртит
Ҭеа Ахвледиани  ақырҭуеи аҧсуеи специалистцәа идырмазеиз  архивтә ҭыжьымҭақәеи  асахьаркыра-документалтә фильмқәеи рӡыргара иазку ауснагӡатә аалыртит

Апроект  «Агәреибагара аиҭашьақәыргылара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуеи аҧсуеи специалистцәа русеицурала, ирмазеин  азеиҧш 5 ҭҵаараки асахьаркыра-документалтә х-фильмки.

Арҭ апроектқәа инагӡан аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи  аҽалархәрала, Европа ахеилак афинанстә цхыраарала.

Арҭ афильмқәа асоветтә аамҭақәа раан Аҧсны имҩаҧгаз арепрессиақәеи, арежим иаҿагылаз ақәҧареи,  Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахази хабарда иӡызи ауаа рҧеиҧши ирызкуп.

Афильмқәа рӡыргара иазкыз ауснагӡатәаҿ данықәгылоз, аминистр Ҭеа Ахвледиани иаҵшьны иазгәалҭеит иахьазы еиҟәшоу ажәларқәа рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылареи, аусеицуреи адиалоги  арҭбаареи  аҵакы ду шамоу. Ари аганахьала иҿырҧшыгоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра архиваҿ ишьҭоу ауникалтә аҭоурыхтә материалқәа раарҧшра иазкыз ақырҭуа-аҧсуа азеиҧш ҽазышәарақәа.

Ақырҭуа-аҧсуа проект иазкыз ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламенти аиҳабыреи рылахәылацәеи, адипломатиатә миссиақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, академиатә гәыҧқәеи.