Ҭеа Ахвледиани Франциа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит
Ҭеа Ахвледиани Франциа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Шераз Гасри дылԥылеит.

Аминистр лаппарат аҟынтә ишаарыцҳаз, аминистр ацҳаражәҳәаҩ иҭабуп ҳәа лалҳәеит Франциа Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылареи аинаалара аполитикеи аҽалархәреи рзы.

Аиԥылараҿ иазааҭгылеит Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы иҟоу агуманитартәи азинтәи ҭагылазаашьа цәгьа, аҭыԥантәи уааԥсыла, ҷыдала Гали Ахалгори рраионқәа рҿы аетникатә ақырҭуаа рдискриминациа, аиҭаҵразы ишьақәгылоу аԥкрақәа, ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иԥсабаратәым абариерқәа изакәаным рыргылара, Қырҭтәыла атәылауаа изакәаным раанкылара.