Ҭамар Габуниа лҳәамҭала, авакцинациа наӡа иахысит ҳәа иҧхьаӡахоит авакцина 2 дозак зауз ауааҧсыра
Ҭамар Габуниа лҳәамҭала, авакцинациа наӡа иахысит ҳәа иҧхьаӡахоит авакцина 2 дозак зауз ауааҧсыра

 

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа лҳәамҭала,  авакцинациа наӡа иахысит ҳәа иҧхьаӡахоит авакцина 2 дозак зауз ауааҧсыра.

Лара лажәақәа рыла, апротокол инақәыршәаны,  COVID зхызгаз ауааҧсырагьы авакцина 2 дозак ҟарҵароуп.

«Тәылақәак рҿы, ауаҩҧсы акоронавирус ихигазар, аамҭак иалагӡаны, авакцина доза заҵәык изыҟаҵаны, авакцинациа наӡа дахысит ҳәа ирыҧхьаӡоит.  Ҳтәылаҿгьы абри ауаҩҧсы авакцинациа наӡа дахысит ҳәа иҳаҧхьаӡароуп. Аха, ҳара ҳҿы абри апринцип аларҵәара амам.  Ауаҩы акоронавирус ихигазаргьы, авакцина 2 дозак ҟаиҵароуп», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.