Ҭамар Габуниа – Акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа аларҵәара аплан аиқәыршәара ҳаҿуп, анеҩстәи амчыбжь анҵәамҭазы уи мазеихоит ҳәа сгәы иаанагоит
Ҭамар Габуниа – Акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа аларҵәара аплан аиқәыршәара ҳаҿуп, анеҩстәи амчыбжь анҵәамҭазы уи мазеихоит ҳәа сгәы иаанагоит

 

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, атәылаҿы авакцинациа алагаразы процедурақәак мҩаҧгатәуп,  акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа аларҵәара аплан аиқәыршәара иаҿуп.

«Атәыла авакцина аиурц азыҳәан,  хымҧада инагӡатәу процедурақәак иҟоуп. Ҳара 3 вакцинак раларҵәара ҳалацәажәоит, лымкаала, Pfizer-и,   Moderna-и, Astrazeneka-и авакцинақәа роуп ҳазлацәажәо. Авакцинациа алагара аплан аиқәыршәара ҳаҿуп, анеҩстәи амчыбжь анҵәамҭазы уи мазеихоит ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.