Хәажәкыра актәи абжазы Қырҭтәылаҟа иааргоит   AstraZeneca авакцина
Хәажәкыра актәи абжазы Қырҭтәылаҟа иааргоит   AstraZeneca авакцина

Қырҭтәыла иаарго даҽа вакцинак   AstraZeneca авакцина ауп, ари аинформациа шьақәырҕәҕәоуп, хәажәкыра актәи абжазы абри авакцинагьы   ҳауеит, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, апандемиа аҵархара ҟалоит азеиҧш вакцинациа мацарала.

«Раҧхьатәи аетап азы атәылашҟа иааҳгоит авакцина  Pfizer,  29 250 адозақәа. Урҭ рыла  14 500ҩык раҟара ауааҧсыра авакцинақәа рзыҟаҵара ҳалшоит. Ишыздыруа ала, авакцина ҳауеит жәабран анҵәамҭазы. Иара убас,  анеҩстәи апартиа ҳауеит  AstraZeneca аҟынтә,  180 инаркны  300 нызқь адозақәа рҟынӡа, абри авакцина хәажәкыра актәи азбжазы ҳазыҧшуп.

Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп акоронаепидемиа аҵархааразы мҩа заҵәык шыҟоу  —  амассатә вакцинациа.  Атәыла ауааҧсыра рҟынтә  70 наӡына авакцинақәа рзыҟаҳҵар, апандемиа хыркәшахоит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.