Владимир Путин  -  Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи рҿы  аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала  уажәгьы ашәарҭара иҟоуп
Владимир Путин  -  Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи рҿы  аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала  уажәгьы ашәарҭара иҟоуп

 

Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи рҿы  аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала  уажәгьы ашәарҭара иҟоуп, —  иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәараҿы.

«Адунеи аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу аабоит, Аахыҵ Кавкази Ааигәатә Мрагылареи, Африкеи, адунеи егьырҭ арегионқәеи рҿы    аҭагылазаашьа аицәахара аганахьала  уажәгьы ашәарҭара иҟоуп», — иҳәеит Путин.

Урыстәылатәи АИХ ринформациа инақәыршәаны, Владимир Путин аблок НАТО арратә активра дазааҭгылеит.