Владимир Путин  - Амшынеиқәатәи арыцтә корридор аиҭашьқәыргылара ҟалоит аурыс ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт азы аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь
Владимир Путин  - Амшынеиқәатәи арыцтә корридор аиҭашьқәыргылара ҟалоит аурыс ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт азы аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь

  Урыстәыла „Арыцтә еиқәшаҳаҭра“ иазыхынҳәуеит ари аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьы рынагӡара ашьҭахь, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Ҭырқәтәыла  ахада  Реџьеп Таип  Ердоҕан даниҧыла ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.

Урыстәыла ахада ишиҳәаз ала, Амшынеиқәатәи арыцтә корридор аиҭашьқәыргылара ҟалоит аурыс ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт азы аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь.

Путин иажәақәа рыла,   Урыстәыла „Арыцтә еиқәшаҳаҭра“ иазыхынҳәуеит ари аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьы рынагӡара ашьҭахь.

„Ҳпозициа еиҭасҳәар сҭахуп: ҳара арыцтә еиқәшаҳаҭра аиҭалагара ҳазыхиоуп, ҳаҭыр зқәу ахада иахьа даҽазнык уи иасҳәеит, аха, ари азҵаара ҳазыхынҳәырц азыҳәан, аиқәшаҳаҭра иану апунктқәа зегьы инагӡазароуп. Амшынеиқәатәи арыцтә корридор аиҭашьқәыргылара ҟалоит аурыс ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт азы аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь. Ҳара африкатә ф-тәылак рҟны аиқәшаҳаҭра ахыркәшара ҳазааигәахеит. Хәыда-ҧсада афатәаалыҵ рыҭареи алогистика аиқәыршәареи ҳазыхиоуп. Аиҿцәажәарақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит, анеҩстәи ҩымчыбжь рыҩныҵҟала афатәаалыҵ рыҭара ҳалагоит. Ҳара абарҭ аинициативақәа рынагӡара ҳазыхиоуп. Ҭырқәтәыла ахада аҳәара ҟаиҵеит Амшын еиқәа аинициатива ҳазыхынҳәырц“, – иҳәеит Владимир Путин.

Украина азҵаара инаваргыланы, Путини Ердоҕани Кавкази, Ливиеи, Африкеи аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит.

Владимир Путини Реџьеп Таип Ердоҕани Шәача еиҧылеит.