Қырҭтәыла Аҧыза-министр Азербаиџьан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы диҧылеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Азербаиџьан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Али Нагиев диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара аусхкы аҿы  аусеицура ахырхарҭақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Азербаиџьани ршәарҭадаратә маҵзурақәа рыбжьара аусеицура аҵакы.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви, Азербаиџьан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура жәларбжьаратәи адепартамент аиҳабы Таги Еинулаеви, Қырҭтәыла аган аҟынтә  – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвили.