Қырҭтәыла Актәи аканал Дманиси аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Актәи аканал Дманиси аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Ауаажәларратә дырраҭара Дманиси аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәан, иарбанзаалак амчылар шаҿагыло, арегион аҟны аҭышәынтәалареи аҭынчреи рыхьчара аҵак ду шамоу азгәанаҭеит.

Актәи аканал хықәкыс амоуп аҿагылара адгылара акәымкәа, ажәлар рпозициақәа рзааигәахара, ахҭысқәа иобективу раарԥшра, аполиаризациа змоу ахҭысқәа иашаны раарԥшра.

Аҵак ду амоуп азакәан инақәыршәаны, Дманиси, лаҵара 17 рзы Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыԥ  – ажурналисти, аоператори, афоторепортиори рыԥҟареи русзура аԥырхагареи иалахәыз ахаҿқәа ридентификациеи рхьырхәреи.

Ари афак иадҳәаланы Ауаажәларратә дырраҭара иашьашәалоу асҳәарҭақәа зегьы ирыдҵаалт.

Ари Актәи аканал аусуҩцәа рықәлара раԥхьаӡатәи фактӡам, 2020 шықәсазы Марнеули «Ақырҭуа гәахәтәи» «Амилаҭтә ҵысреи» рактивистцәа реиҿагылараан, хаҿык Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист диԥҟан, икамера ԥиҽит, аха ахҭыс иахьагьы иҭҵаам.

Ауаажәларратә дырраҭара  иақәгәыӷуеит иашьашәалоу аусҳәарҭақәа абарҭ афакҭқәа хымԥада ҭырҵаауеит ҳәа.