Ника Мелиа  - Гьаргь Гахариа инапынҵақәа  рышьҭаҵара ала иазхеиҵеит ашьакаҭәара ргәы ишҭаз, уи ахә шьатәуп
Ника Мелиа  - Гьаргь Гахариа инапынҵақәа  рышьҭаҵара ала иазхеиҵеит ашьакаҭәара ргәы ишҭаз, уи ахә шьатәуп

Гьаргь Гахариа инапынҵақәа  рышьҭаҵара ала иазхеиҵеит ашьакаҭәара ргәы ишҭаз, ҳәарада, уи иҟаиҵаз ашьаҿа  ахә шьатәуп,  — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа Гьаргь Гахариа инапынҵақәа рышьҭаҵара даналацәажәоз.

«Хәыҷык аоптимизм сызцәырҵит, ишубарҭоу ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» рыгәҭа ицәыҵлашеит, сара Гахариа иоуп сызлацәажәо, иара ашьакаҭәара зхылҵыр зылшоз даҽа шьаҿак ҟаимҵеит. Гахариагьы рашәара  20 рзы  имаҷымкәа аполитикатәи ауаҩытәыҩсатәи агхақәа ҟаиҵеит, аха,   инапынҵақәа  рышьҭаҵара ала иазхеиҵеит ашьакаҭәара ргәы ишҭаз, уи ахә шьатәуп. Уажәы ҳҿаанаҳкылар ҟалом. Ацҳаражәҳәаҩцәа рҽалархәра ала анапхгаратә гәыҧ ҳарҧыланы, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара азҵаара ҳалацәажәароуп», — иҳәеит Мелиа.