Италиа аминистрцәа рхеилак ахада Марио Драги Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит
Италиа аминистрцәа рхеилак ахада Марио Драги Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит

Италиа аминистрцәа рхеилак ахада Марио Драги Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иара ҩ-тәылак русеицура далацәажәан, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Италиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

„Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, хаҭала сареи, Италиа аиҳабыреи ҳахьӡала, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс шәалхра, аиҳабыра русураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит.

Апандемиа иахылҵыз апроблемақәа шырацәоугьы, иссиру ҳаизыҟазаашьақәа агәра сдыргоит анеҩстәи амзақәа рзы ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи шыҟало.
Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы Италиа иақәгәыҕыр алшоит аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи азҵаареи, иара убас, аинституциатә климат аҧҵара иазку шәҽазышәарақәеи аҿы. Италиа, Tвроеидгыла аҟны аусеицура арҕәҕәаразы шәтәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгара иадгылоит,”- иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.