Иракли Ҕарибашвили NDI ахантәаҩы Мадлен Олбраит онлаин аформат аҿы дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили NDI ахантәаҩы Мадлен Олбраит онлаин аформат аҿы дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Амилаҭ-демократиатә институт  (NDI) ахантәаҩы Мадлен Олбраит онлаин аформат аҿы дылҧылеит.

Мадлен Олбраит Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иалҳәеит  Афганистанынтә атәылауаа ралгара апроцесс ацхраара азыҳәан.

Аиҳабыра рнапхгаҩи Амилаҭ-демократиатә институт (NDI) ахантәаҩи 2021 шықәсатәи аҭыҧантәи алхрақәа ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили, Мадлен Олбраит ҭабуп ҳәа леиҳәеит апандемиа шыҟоугьы 2020 шықәсатәи алхрақәа рахь ихьыҧшым анаҧшцәа раашьҭразы, иара ишазгәеиҭаз ала, атәыла анапхгара 2021 шықәсатәи аҭыҧантәи алхрақәа ҭынч, иаартны рымҩаҧгара иазыхиоуп. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аҭыҧантәи алхрақәа ирыдҳәаланы изакәызаалак зҵаарак ҟамларцаз, арҭ алхрақәа ирыцклаҧшроуп  излауа ала ирацәаны жәларбжьаратәи анаҧшцәа.
Онлаин аиҧылара аан ишазгәаҭаз ала, алхрақәа раанӡа Қырҭтәыла иаҭаауеит Амилаҭ-демократиатә институт  (NDI) кыраамҭалатәи анаҧшцәа, дара аҭыҧаҿы алхрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы аус руеит.

Онлаин аиҧылара рхы аладырхәит Амилаҭ-демократиатә институт алидерцәеи ҧасатәи адипломатцәеи.