Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Онии Сачхерии еимыздо амҩа аргылара цәыббра анҵәамҭазы иалгоит
Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Онии Сачхерии еимыздо амҩа аргылара цәыббра анҵәамҭазы иалгоит

Они-Сачхере амҩа андыргылалак, Сачерии Онии ирыбжьоу амҩа ахысразы иаҭаху аамҭа сааҭк ала имаҷхоит, ауаа Қарҭынтә Онинӡа анеиразы 5 сааҭк рцынхәрас 3 сааҭ рҭаххоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Онии Сачхерии еимыздо амҩа аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа ангәеиҭа ашьҭахь. Аиҳабыра рнапхгаҩы дицын апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, амҩа аргылара иалгоит цәыббра анҵәамҭазы.

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе иҳәамҭала, Аҩадатәи Имереҭии Раҷеи еимыздо амҩа 51 километр иҟоу ацыҧҵәаха Сачхеринтә иалагоит, уи Амбролаури – Они амҩа иадлоит. Апроек  7 цыҧҵәахак рыла ишоуп. Амҩа аиҳара амшын аҩаӡара аҟынтә  1000-1500 метр аҳаракыраҿ иҟоуп, ауаа ахьнымхо азонаҿы аҩхаа иалсны ицоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иалагаанӡа уаҟа анышәтә мҩа акәын иҟаз, аха уажәшьҭа акәатран-бетон ақәырҵоит. Уажәазы аусурақәа реиҳара хыркәшоуп. Апроект ахәԥса 111 165 310 лари иаҟароуп.