Иракли Ҕарибашвили  -  Анеҩстәи 10 шықәса рыҩнуҵҟала аинфраструктуреи арегионалтә аҿиареи иалаҳҵоит 32  миллиард  лари
Иракли Ҕарибашвили  -  Анеҩстәи 10 шықәса рыҩнуҵҟала аинфраструктуреи арегионалтә аҿиареи иалаҳҵоит 32  миллиард  лари

Анеҩстәи 10 шықәса рыҩнуҵҟала аинфраструктуреи арегионалтә аҿиареи иалаҳҵоит 32  миллиард  лари, — Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистрра 10 шықәсатәи аплан аӡыргараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  32 миллион лари инырхуеит аинфраструктуреи, амҩақәеи, ацҳақәеи, аӡымҩангагақәеи рырҽеиреи, инеизакны амуниципалитетқәа зегьы рырҿыцреи азы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  уи европеизациеи амодернизациеи апланзароуп. Иракли Ҕарибашвили адонорцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит активтә цхырааразы.