Екатерина Тикараӡеи  Диего Коласи Қарҭтәи ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы  атәымтәылауаа алаҵақәа рзыҟаҵара апроцесс шымҩаҧысуа гәарҭеит
Екатерина Тикараӡеи  Диего Коласи Қарҭтәи ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы  атәымтәылауаа алаҵақәа рзыҟаҵара апроцесс шымҩаҧысуа гәарҭеит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Коласи Қырҭтәыла ареспубликатә хәышәтәарҭаҿы атәымтәылауаа алаҵақәа рзыҟаҵара апроцесс шымҩаҧысуа гәарҭеит.

Қырҭтәыла авакцинациа иахысыр рылшоит  уажәазы Қырҭтәыла иҟоу, аха  анхара азин змам атәылауаа.

Атәымтәылауаа ма атәылауаҩра змам ахаҿқәа  алаҵа ахьыҟарҵо  амедицинатә усбарҭашҟа ианнеилак,  зыӡбахәы ҳәоу акатегориақәа зыршаҳаҭуа адокументқәа цәырыргароуп.

Франциа ахада авакцинациа аҵакы далацәажәан, Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит атәымтәылауаагьы абри апроцесс ахьаладырхәыз азыҳәан.