Диего Колас - Аӡбарҭа аӡбара иазкны ахҳәаақәа ҟасҵом, аха Ника Гварамиа иус аганахьала зҵаарақәак иҟоуп
Диего Колас - Аӡбарҭа аӡбара иазкны ахҳәаақәа ҟасҵом, аха Ника Гварамиа иус аганахьала зҵаарақәак иҟоуп

Аӡбарҭа аӡбара иазкны ахҳәаақәа ҟасҵом, аха Ника Гварамиа иус аганахьала зҵаарақәак иҟоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Колас ажурналистцәа данрацәажәоз. Колас “Мҭавари архи” ашьаҭаркҩы Ника Гварамиа иаанкылара азҵаара дахцәажәеит.

“Сгәы шаанаго ала, зҵаарақәак иҟоуп. Аӡбарҭа аӡбара иазкны алкаақәа ҟасҵом. Аха ари аӡбара аганахьала зҵаарақәак цәырҵуеит. Уажәы акапангаҿ ишьҭоуп ашьаҭатә принцип, ашьаҭатә зҵаара – ажәа ахақәиҭра. Азакәан аҿаԥхьа зегьы еиҟароуп, аха аӡбарҭатә усқәа, аӡбарҭатә шьҭазаара аныҟоу, ажәа ахақәиҭра анырра ҟамлароуп.

Ари аус аҿы азҵаара игылоу имгылоу, Қырҭтәыла ажәа ахақәиҭра иҟоу иҟаму  – абри ауп зҵаарас иқәгылоу. Даҽа зҵаара ауп – Қырҭтәыла аоппозициаа ахаҭарнакцәа рацәаны абахҭақәа иҭатәоуп. АРҭ азҵаарақәа рзы аҭакқәа ҟарҵап ҳәа сгәыӷуеит,” – иҳәеит Диего Колас.