Келли Дегнан  -  ЕАШ адгылоит Саломе Зурабишвили Ника Гварамиа ашьауӷа иқәхра иазкны илыдылкылаз аӡбара, уи аполиаризациа аҿагылара ус ацхраауеит
Келли Дегнан - ЕАШ адгылоит Саломе Зурабишвили Ника Гварамиа ашьауӷа иқәхра иазкны илыдылкылаз аӡбара, уи аполиаризациа аҿагылара ус ацхраауеит

Қырҭтәыоа иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ишаалыцҳаз, ЕАШ адгылоит Саломе Зурабишвили Ника Гварамиа ашьауӷа иқәхра иазкны илыдылкылаз аӡбара.

Ацҳаражәҳәаҩ лажәақәа рыла, Саломе Зурабишвили лыӡбара аполиаризациа аҿагылара ус ацхраауеит.

„Ари азҵаара ипроблеман, Қырҭтәыла кыршықәса рыбжара иҟаз аполиаризациа иаҳа арцәгьон, атәылаҿ иҟаз аполиаризациа Урыстәыла мацара азы ихырҳаган. Уажәы ақырҭуаа аиҟәшаразы аамҭа рымам, уажәа аидгылара иаамтоуп. Саломе Зурабишвили лыӡбара аполиаризациа аҿагылара ус ацхраауеит.

Қырҭтәыла ахада ашьауӷа ахыхра апрерогатива лымоуп. Лара ишылҳәаз ала, ари лыӡбара акәын. Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ашьауӷа ахыхра азин ишахәҭоу еиԥш дазныҟәоит ҳәа агәа згоит”, – илҳәеит Кели Дегнан.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, ателееилахәыра „Мҭавари“ агенералтә директор Ника Гварамиа ашьауҕа иқәылхит.