Диего Колас – 12 абжьагарақәа рыда уаҳа усхәаҧштәк иҟам
Диего Колас – 12 абжьагарақәа рыда уаҳа усхәаҧштәк иҟам

12 абжьагарақәа рыда уаҳа усхәаҧштәк иҟам, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ  Диего Колас.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла крызҵазкәа аамҭа иҭагылоуп.

«Қырҭтәыла европатәи аперспектива аиуит, уи иаҵанакәа рацәоуп. Акандидат астатус аиуразы  аусура ду мҩаҧгатәуп.  Евроеидгыла ишьақәнаргылаз аконкреттә усхәаҧштә иҟоуп. Абарҭ 12 абжьагарақәа рыда уаҳа изакәызаалак усхәаҧштәк иҟам. Аконструктивтә мчқәа зегьы арҭ абжьагарақәа рынагӡаразы еидгылароуп.

«Ақырҭуа гәахәтәы» ари апроцесс апарламентахь аиагара аинициативала иқәгылеит, уи агәыҕра ду ҳнаҭоит. Атылауаҩратә уаажәларрагьы рхатә ажәалагалақәа ҟарҵеит, уигьы даарӡа ибзиоуп. Уажәазы абарҭ абжьагарақәа аус рыдулароуп атәылазы зегьы иреиҕьу», — иҳәеит адипломат.